Ахьӡи-ахьымӡӷи ирыдҳәаалоу зҵаарақәак Аԥсуа традициаҭә культураҿы. - В.В. Аҩӡба
Digitally reimagined from an original drawing by Batal Dzhapua.
V. V. Achba., 'Ахьӡи-ахьымӡӷи ирыдҳәаалоу зҵаарақәак Аԥсуа традициаҭә культураҿы,' Aamtaq’a (Historical and Cultural Almanac), no. 1–2, Scientific Research Centre 'Abkhaz Encyclopaedia'; Abkhaz Historical Society, Sukhum:, 2024, pp. 186–191.
Over the course of many centuries of historical development, the Abkhazians developed specific mechanisms that ensured not only physical survival under extreme conditions, but also the attainment of a high status known as aḥyẓ («ахьӡ»), that is, glory earned through heroic and other martial deeds, in accordance with and within the framework of traditional legal consciousness.
The antithesis of this understanding within Abkhaz society, both in the past and today, is aḥyẓməɣ («ахьыӡмӷ»), meaning disgrace or shame, that is, behaviour deemed unworthy and incompatible with the Abkhaz mentality. The relationship between these two concepts, and the predominance of one over the other, became a determining factor in the lives and destinies of the Abkhazians.
Қәылареи-қәыҵреи згымыз аԥсуа жәлар, шықәсырацәала рыԥсҭазаара ирыднаҵаз аԥышәарақәа ирыбзоураны идырҿиеит, аекстремалтә ҭагылазаашьақәа раан, аҽакы иаламҩашьо рхатәы, рмилаҭтә хдырра иақәшәо аилкааи уи иадҳәалоу ахымҩаԥгашьеи.
Араҟа лымкаала иазгәаҭатәуп, аԥсуаа рмилаҭтә хдырреи, рхымҩаԥгашьеи анаҳҳәо, зегь раԥхьа иргыланы зыӡбахә ҳамоу, ҳажәлар ашәышықәсақәа иргәылыргаз рхаҿра ӡырызго иреиӷьу, аҟазшьақәа шракәу. Ари аилкаа иабзоураны ишьақәгылт, аԥсуаа ахьӡи-ахьымӡӷи ҳәа ирдыруа, иагьзықәныҟәо рзинтә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо амеханизм[1].
«Ахьӡи ахьымӡӷи рзоуп ауаҩы адунеи дзықәу», – рҳәоит аԥсуаа. Аԥсуа дании инаркны иԥсы ахьынӡаҭоу иаԥсуара дықәныҟәозар, хьымӡӷык идхаларангьы дыҟам, дахьыҟазаалакгьы, дызҿызаалакгьы дзырԥхашьаша ԥынгылак иауам, иҭеиҭԥш еиԥш, ихымҩаԥгашьалагьы шәҩыуаа дрылазаргьы даарылукааратәы дҟалоит. Убри аҟынтә гәеижьарада иуҳәар алшоит, – аԥсуа изы ихадоу иаԥсуароуп ҳәа. Аԥсуа даԥсыуоуп – иаԥсуара аԥсы ахьынӡаҭоу, иахьынӡаныҟәиго.
Аԥсуаа ҳдунеиеихәаԥшра иаҿагыло ахымҩаԥгашьазы иахьагьы иҟоуҵо закәызеи – «уаԥсыуаӡами» ҳәа аҽԥныҳәа ирҭоит. Ари азхәыцра инарҵауланы уазнеир, хараӡа укылнагоит, иаанагогьы уаԥсыуаӡам амацара акәӡам, – ууаҩӡам, ауаҩра улаӡам ҳәа ауп.
Ахьӡи-ахьымӡӷи ирыдҳәалоу аилкаақәа, аҭоурых еиԥш имаҷымкәа аинформациа ҳанаҭоит афольклоргьы, зегь раԥхьа иргыланы аԥсуаа рфырхаҵаратә ҳәамҭақәа.
Аԥсуаа рҭоурыхи рфольклори уаныргәылаԥшуа иумбар залшом, наџьнатә аахысеижьҭи ҳауаажәлар рыԥсҭазаараҿы хьыӡрацареи уи иадҳәалоу атрадициақәеи аҭыԥ ду шааныркылоз. Хьыӡрацара уи ныҟәароуп, қәылароуп, еибашьроуп, аиҳараӡакгьы уи иалахәу реиланхарҭа инацәыхараны имҩаԥысуа хҭысуп. «…у абхазов существует специальный термин – хьыӡрацара, что понимается как «далекий поход за добываемой ратной славой»[2] ҳәа иазгәеиҭон Иу.Гә. Аргәын ари азҵаара дазааҭгыланы. Хьыӡрацара ахьымҩаԥысуа дгьылҵакырала шаҟа ихароу еиԥшҵәҟьа, изҿагылоу рхыԥхьаӡара арацәарагьы, акырӡа еизнарҳауан, ахьӡ аҭыгара иазку аусгьы.
Иҵегь аҭоурых ҳнагәылалар, иумбар залшом, антика аамҭазгьы иааидкыланы гениохаа ҳәа ззырҳәоз аԥсуа еимшьҭрақәа, хьыӡрацарақәа ирзаҩызаз ақәыларақәа амшын аҿгьы ишеиҿыркаауаз. Ахыҵхырҭақәа ишаарыцҳауа ала, гениохаа, камаритқәа ҳәа изышьҭаз рнышьа хәыҷқәа рыла, амшын ихыз атәым аԥрақәа ирыхьӡаны ирҳәны, иахьца-иахьаа ҳәа акгьы умбо, иӡхыҵны рыбнақәа рҿы рнышьақәеи дареи рҽыԥхьаркуан. Шь.Д. Инал-иԥа, аӡәырҩы антикатәи авторцәа дрықәгәыӷны ишааицҳауа ала, гениохаа рыԥшаҳәа акәша-мыкәша ирымаз аԥшәмара анаҩсангьы, ирылшон Кавказ аԥшаҳәа зегьы ахьынӡанаӡааӡозгьы ирхыџхыџны акра[3].
Гениохаа ианраамҭаз, ргәымшәареи амшын аҿы ирымаз раҳреи роуп иалзыршаз, урҭ ҳ.ԥ. 69 шықәсазы, Азиа Маҷ иаду аҩада-мрагыларатәи амшын аԥшаҳәа инапахьы аагара иазықәԥоз, Понттәи амшынмчқәа рхада Аникет идгыланы, Римтәи аимпериа аҿагыларагьы[4].
Хьыӡрацара – ахьӡ арҳара ишазкугьы, аҷыдарақәа аныԥшуеит. Иаҳҳәап, аԥсуаа хьыӡрацара анырҳәо зегь раԥхьа иргыланы рхаҿы иааиуа аӷацәа ирҿагыланы аԥсадгьыл ахьчареи, рыԥсы ақәырҵозаргьы ажәлар рус ахаҵгылареи роуп. Ҳҭоурых аҿы имаҷым ахҭысқәа, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, зегь раԥхьа иргыланы зыԥсадгьыл ахақәиҭра иазықәԥоз аԥсуаа рҽеибаркны, Аԥсны итәаз аурымцәеи, гемуааи, аҭырқәцәеи анаҩс аурысцәеи рхырӷәӷәарҭақәа ианрыжәлалозгьы[5]. Аха иара убри аамҭазгьы, ҳажәлар ирдыруеит хьыӡрацара иадҳәалоу даҽа традициақәакгьы. Иаҳҳәап ақәылареи арҳәреи ирыдҳәалоу аныҟәарақәагьы, хьыӡрацара ҳәа аназырҳәогьы.
Араҟа ицәырҵуеит азҵаара, избан нас аԥсуаа ртрадициатә культураҿы, аԥсадгьыли, ауаажәлари рхақәиҭра ахьчара анаҩсангьы, ақәылареи арҳәреи ирыдҳәалоу ахымҩаԥгашьақәагьы хьыӡрацара ҳәа изашьҭаз?
Ари азҵаара аҭак аҟаҵаразы, еицакрада еилаҳкаауазароуп ҳауаажәлар рхәыцшьа, рдунеиеилкаашьа, амилаҭ ирцәаҩоу аҟазшьа ҷыдарақәа.
Иахьа арҳәра, ақәылара иахьымҩаԥысуазаалакгьы, инымҩаԥысуазаалакгьы – қәыларуп, рҳәроуп. Ҳауаажәларгьы хаҭала иара ажәа ишаҳәо еиԥшҵәҟьа, иҽеим ҳаԥсуара иаҵанамкуа, хьыӡрацара аԥҟарақәа ирҿагыло хьымӡӷы узырго усны иахәаԥшоит. Аха ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа ари аҩыза азхәыцшьа ҭоурыхла ианышьақәгыла аакьыскьоуп ҳәа уҳәар мцхарым, хымԥада уи асовет аамҭа иадҳәалахоит.
Ҭоурыхла аԥсуа хаҵа инахароу тәым дгьылк аҿы дқәыланы рырахә рыхцаны изаацар, ажәлар уи аҽакала иахәаԥшуан, аҽакала ирыдыркылон, ажәакала уи хаҵараны ирыԥхьаӡон.
Арҭ аныҟәарақәа, раԥхьа уахьынрыхәаԥшуа, малырҳарак аҵыхәала имҩаԥырго усқәоушәа ишубогьы (уигьы аҭыԥ амамкәа иҟамызт), ииашаҵәҟьаны рҵакыҵәҟьа хазын.
Аԥсуаа ақәылара, арҳәра усда-ҳәысда рхы иааҭашәаны имҩаԥыргоз усмызт, уи хьыӡрацарак ирзаҩызан, еибашьрак, ԥышәарак еиԥш иахәаԥшуан. Арҭ рҩыза аныҟәарақәа – аԥсуа хаҵа изы идырреи, ихшыҩ аилгареи, игәаӷьреи, илшареи раарԥшра ахьалиршоз ҭагылазаашьақәан. Убри аҟынтә арҭ ақәыларақәа, аԥсуаа рдунеихәаԥшра иаҿамгыло, хьыӡрацара аԥҟарақәа инарықәыршәаны амҩаԥгара аналыршаха, усҟан ажәлар уи узырԥхашьо, хьымӡӷы узырго усны иахәаԥшуамызт.
Ишаҳҳәахьоу еиԥш хьӡын, хаҵаран тәым дгьылк аҿы еибашьрала арахә рыхцара ма урҭ рырхынҳәра. Уи аангьы иҟалалон убри аҩыза аҭагылазаашьақәа, ақәылацәа арахә ма ауахьад мариала ирԥыхьашәаргьы, имеибашьыкәа ианырымгозгьы. Избан акәзар мариала ирԥыхьашәаз амал уи хьӡы амамызт убри аҟынтә патугьы рзақәмызт. Аԥсуа еилкаарала ари аҩыза ахымҩаԥгашьа хьыӡрацара аԥҟарақәа ирҿамгылозаргьы уамакгьы ирықәшәомызт, уи ахаҵара иантиподын, хьымӡӷ узырго аӷьычра иашьашәалан.
Хьыӡрацак еиԥш имҩаԥыргоз аныҟәарақәа рҿоуп аԥсуа хаҵа дзакәу, дзыԥсоу анеилыркаауаз. Арҭ аныҟәарақәа раан, уи ихымҩаԥгашьа ирабзоураны хьӡы ирҳауан, иуаажәлар рыҩнуҵҟа еиԥш урҭ рынҭыҵгьы деицырдыруа, пату иманы, унеишь-уааишьҳәагьы иарҳәо, иажәа ԥхылданы дҟалон. Абас хьӡы згаз ахаҵа, ажәлар ихьӡ кадыршәуамызт, иҟан ашәа ианырҵозгьы.
Дарбанзаалакгьы, зыуаажәлар рҿы зажәа иахымԥоз аиҳабацәагьы дара ианраамҭаз, урҭгьы убас хьӡы дырҳахьан. Данҿоу хьӡы змырҳаз аԥсуа хаҵа, данбыргхагьы ажәлар рус дзалацәажәомызт, аламала акәымзар уи аҩыза азин иауамызт. Дышбыргхахьоугьы ирҳаз ахьӡ каижьуамызт, дахӡыӡааун, данҿаз хьымӡӷы ихы ишеимыргаз еиԥшҵәҟьа даныҭаҳмадахагьы уи иԥсҭазаара иагәыцәны иҳаракны иныҟәигон. Аусӡбарахь даарԥхьаргьы, уи иадҳәалоу акәама-ҵамақәа зегьы рдырра анаҩсангьы урҭ рықәныҟәарагьы иара изы ихадоу принципны изыҟан.
Иаҳҳәап, аусӡбара азҵаара ҳаналацәажәа иазгәаҭатәуп, аилыргаратә процесс аан еиҿагылоу ганк, аҭагылазаашьа дара рзы иманшәаламхошәа анырбалак, ишрылшоз ихьӡ ижәла мҳәаӡакәа, аус шыҟоу издыруа, избаз аӡәы иажәақәа реиҭагара. «Народ сознает всю гадость тайных доносов, но вместе с тем, так как считает это единственным путем, могущим, иногда открыть истину, то не только пользуется услугами их, но даже народным обычаем гарантировал неприкосновенность доносчиков»[6] – ҳәа Краевич ишааицҳауа еиԥш, аԥсуаа рыҩнуҵҟа ацәгьаҳәаҩцәа пату шрықәымзгьы, аҵас ирнаҭон азин, хьымӡӷык рыдымхалакәа урҭ ражәақәа аӡбараҿы реиҭаҳәара. Аха иара убри аамҭазы, аусӡбара иалахәу дарбанзаалакгьы хьымӡӷы изихгомыт, иуаажәлар рҿгьы дпатудахон, ацәгьаҳәаҩ ихьӡ аартра згәаӷьыз еиԥш, иара уи и еилкаара иашьҭалазгьы.
Ишдыру еиԥш ауаҩы ихымҩаԥгашьеи, ихәыцшьеи ирыдҳәалоу иҟазшьа ҷыдарақәа еиҳа иахьаарԥшхо аибашьреи, ма уи иазааигәоу аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рҿоуп. Аекстремалтә ҭагылазаашьақәа раан ауп, ауаҩы ихаҿсахьа асаркьа ишанубаало еиԥш, еилффаҷа еицакрак амамкәа; ауаҩра, ахаҵара, ашәаргәындара, ачарҳәра уҳәа, аҭынч аамҭақәа раан зыҽцәырзымгоз аҟазшьа аҷыдарақәа рҽахьцәырырго.
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы ашәыргәындара, ауаҩы дзырԥхашьо, иаҳаҭыр лазырҟәо акакәны ишахәаԥшуагьы, хьымӡӷ дук еиԥш иырԥхьаӡомызт.
«Имшәо ҳәа уаҩ дыҟам, акызаҵәык ушәара уаиааироуп», ма «имшәо агаӡа иоуп, аха ачҳара, аҽыҟажара умазароуп» рҳәоит аԥсуаа агәымшәареи ашәыргәындареи рҵыхәала. Аха зегь еиԥшым, убри аҟынтә, аԥсуаа еиҳа ииашоуп ҳәа иазырԥхьаӡон, излымшо «згәы маҷу», иҭагылазаашьа заа иаартны аҳәара, анаҩс ахаҵара, агәаӷьра анаҭаххалак, аиакәым ахылымҿиаарц азы.
Зылшарақәа маҷыз, иаартны иҭагылазаашьа аҳәара згәаӷьыз хьымӡӷык идхаломызт, дызцәыԥхашьаша лафқәак ахылҿиааргьы, ипату хҽомызт, аиҳараӡакгьы иҽыԥхьамккәа излаилшо ала иуаажәлари, иеибашьуа иҩызцәеи дрыцхраауазар.
Хьымӡӷын, чарҳәрак еиԥшгьы иырԥхьаӡон ашәаргәындара иахҟьаны, аибашьра адәы ааныжьра, аҩызцәа ркажьра, ма рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара, еиҳа еицәоу урҭ рҭахара. Аԥсҭазаараҿы иҟалахьеит, убри аҩыза аҭагылазаашьақәа, аибашьра иацәыбналаз рыхьӡ, аамҭақәа иргәылсны уи ахҟьа-ԥҟьақәа, рыхшаара рҟынӡагьы инааӡо. Уи аибашьра «иацәыбналаз», «адизертир» ихшаара роуп ҳәа, иҟоуп аԥсуаа рыҩнуҵҟа иахьагьы маӡа-аргама изҳәақәогьы.
Аԥсуаа хьымӡӷык еиԥш иырԥхьаӡон, еибашьрада, ҿагыларада ирықәлаз иҽиҭара, рырахә рыхцара. Ихьымӡӷын уԥсы еиқәурхоит ҳәа арахә кажьны абналара. Ихьымӡӷ дуун уԥсы дузҭымгар, иҭынхацәа рахь дузнамгар, аԥсуаҵас ишақәнагоу анышә дузамҭар.
Иагьараангьы иҟалахьан иҭахаз рҩыза иԥсыбаҩ аҭыгаразы, еицыз агәыԥ реиҳараҩык анҭахозгьы. Рыԥсы еигӡомызт хьымӡӷык рыдымхаларц азы. Ишырҳәо ала аҭоурых иадыруеит имаҷым ари аҩыза ахҭысқәа.
Аԥсуа ипату хызҽо, ахьымӡӷ изырго акакәны, ажәлар иара убас иахәаԥшуан ахаҵа мариала иаӷацәа дырҳәынҷар, урҭ рнапаҿы аҟалара. Аха уи иаанагомызт, аԥсуа хаҵа иҽишьыр акәын ҳәа. Аԥсуаа ртрадициатә дунеихәаԥшра уи аҩыза аилкаа иаҿагылон, аҽшьра агәмаҷра, шәыргәыдарак еиԥш иԥхьаӡаны. Убри аҟынтә ари аҩыза ашәарҭара иҭагылаз ахаҵа, аҵәыхәтәанынӡа деибашьуан, гәышԥылагьы аӷа дигәыдлон ма ихымца даԥылон.
Кавказтәи аибашьра ахыркәшамҭаз, иҟалеит убри аҩыза хҭыск, уаҳа зымчқәа мхәаз аԥсуа еибашьцәа, шәҩык рҟынтә иаанхаз жәаҩык, раӷацәа рнапаҿы иҟамларц азы, ҽыла амшын рҽарҭеит[7].
Иара уи аамҭазгьы иаҳԥылоит ҳәамҭақәак, аԥсуаа хаҵарак еиԥш ишыршьоз, аибашьҩы иаӷа инапаҿы дҟамларц азы, аҵыхәтәантәи ихызаҵә ала иҽанишьуагьы.
Аԥсуа аламала акәымзар иабџьар шьҭеиҵомызт, ишьҭеиҵозаргьы хьымӡӷ измыргаша уи иашьашәалоу, иаҳҳәап аԥсреи, аусӡбареи реиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа дрыниар акәын.
Аԥсуа аԥсраҿы даннеиуа, ҵәыуараҳәа аԥсы днеихагылаанӡа, раԥхьа иабџьар ашҭаҿы игылоу аишәа иқәиҵоит. Иара убасҵәҟьа аҭагылазаашьа иаҭаххар, хьымӡӷык идымхалакәа аԥсуа ахаҵа иабџьар ашьҭаҵара ахьилшоз аусӡбараҿгьы акәын.
Ҳазлацәажәази ма урҭ ирзааигәоу аҭагылазаашьақәеи ракәымзар, аԥсуаа абџьар ашьҭаҵара агәмаҷреи ашәаргәындареи иреиҩыргомызт.
Ихьымӡӷын абџьар ацәыӡра. Зыԥсы ҭоу иабџьар акәым, иҭахаз рҩыза иабџьаргьы раӷа инапаҿы иаанрыжьуамызт. Уи иԥсыбаҩ шҭыргоз еиԥшҵәҟьа, иабџьаргьы ҭыргон, иҭаацәа ирыздырхынҳәон, ма акгьы иаԥсамкәа иԥҽны икарыжьуан, аӷацәа ирмыхәарц азы. «Аҽыбӷаҟаза дыԥсыр иҭаацәа дырҵәыуоит, абџьар ҭахар (бжьаӡыр) жәлары ирҵәыуарҭоуп»[8] – аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа уи аҵыхәала.
Иара убас аиҿагылараан, ганк излахысуа рпатронқәа нҵәар, рабџьар раӷацәа ирмыхәарц азы, ршәақьқәа рышьхәақәа ԥҽны инкажьны, раҳәақәа ма рҟамақәа рыла раӷацәа иргәыдлон. Ари аҩыза напышьашәла аибашьраан, иуҿагылаз уаӷа думшьозар иҳәынҷара даара иуадаҩын.
Аԥсуа хаҵа ус баша ашьа кеиҭәомызт, агәымбылџьбара иламызт, ибџьардоу дилакьысуамызт, аҳәсеи ахәыҷқәеи драцлабуамызт, иаӷа дишьызаргьы уи қәнамгала дизныҟәомызт. Забџьар шьҭазҵаз игәыдлара, ихәра, аиҳарак ишьра хаҵарак алоуп ҳәа ирыԥхьаӡомызт.
Аԥсуа иаԥсуара амҩа иаша дықәнаҵы хьӡы игхомызт, аха џьара маҷк иадымхаргьы уи дацәхьаҵыр хьымӡгьы изихгомызт. Аԥсуа, аԥсуара ада патударан. Аԥсуа изы ахьӡ уи амалқәа ирмалын, иара изы уи зегь иреиҳаз еилкааран. «Ахьӡ – ауаҩы хшыҩла, џьабаала, гәамчла ирҳауа хәы змам беиароуп»[9] – ҳәа азгәеиҭоит уи аҵыхәала В.Бигәаа.
Аԥсуаҵас иааӡоу аԥсуа хаҵа дзызхәыцуа ишакәхалакгьы џьара фырхаҵарак абаҟасҵари ҳәа акәӡам, агәеилгара змоу аҭагылазаашьа ианаҭаххалаак, зхьаԥшрак ҟамҵакәан уи аус амҩаԥгара алыршара ауп.
Аԥсуаа фырхаҵароуп ҳәа ирԥхьаӡоит, хьымӡӷьыда аԥсра аԥылара.
Ихьымӡӷын аԥсуа атәы инапаҿы дҭахар, алаба иаахар, аибашьран ишьҭахьла ахы иқәшәаны дҭахар, уи шәыргәындарак еиԥш иршьон.
Аԥсуа хаҵа дышҭахо идыруазаргьы иабџьар каижьуамызт. Ибџьардоу ахаҵа уи деибашьҩымызт иаргьы уаҩы диабашьуамызт. Абџьар аныҟәгашьа уҽақәушәар акәын. Ус баша аҭра иугар ҟаломызт, ианҭугагьы хьӡы алугар акәын. Абџьар анеимырдоз ма ҳамҭас аӡәы ианидыргалоз – «Хьӡы алоугааит» ҳәа ҳәаны акәын иширҭоз.
Иҟаломызт умҵаакәа аӡәы иабџьар шьҭухыр, аиҳарак уи ишақәнагам ишьҭоуҵар ма уазныҟәар, иаҳҳәап уагәҭасыр.
Аԥсуа иабџьар еиԥшҵәҟьа, хьымӡӷык еиԥшҵәҟьа иԥхьаӡон иҽы ишакәым азныҟәара, иаҳҳәап дшақәтәоу аҟамчы ахҟьара. Аԥсуаҵас аҽыуаҩ дзықәтәоу иҽы аҟамчы ахуҟьа иара аԥшәма ихуҟьа акоуп, ҵакылагьы еиҩырго ҳәа егьыҟаӡам. Ҭагылазаашьак иааннамкылозар, аламала ари аҩыза аусқәа шьакаҭәарада изеилгомызт[10].
Аԥсуа изы хьыӡ дуун аҳәала аибашьраан аиааира агара. Аха иара убри аамҭазгьы, ҳәаҭыхла аиҿагылараан иҭахаз уи аҟара хьӡы иҭынхомызт, ахымца иашьыз иаасҭа. Избанзар аԥсуа хаҵа иқәнагамызт ҳәа рыԥхьаӡон, еиҟароу аиҿагылараҿы иаҵахара. Ашәақь акәзар уи ҽакала иазыҟан. Ашәақьла иршьыз, иашьҭахьла акәымзар хьӡы ирҳауан, фырхаҵак еиԥшгьы дырԥхьаӡон, еиҿагылоу (ашәақьи аҟамеи) рымчқәа, реиҟарамра азгәаҭаны.
Аԥсуаа рҿы иҟалахьан ҭауади аамсҭеи аимак шрыбжьалоз еиԥшҵәҟьа, анхацәагьы даргьы агәаанџь анрыбжьалалозгьы. Аха иара уи аамҭазгьы аԥсуаа пату рзақәмызт дара ирашьашәаламыз иацлабра. Илацлабуамызт аԥҳәысгьы. Аԥҳәыс ианлацәажәозгьы рабџьар маҷк иԥхьаркуан, ианеиԥырҵуазгьы арыӷьарахьла иқәгьежьуан.
Ихьымӡӷын ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа рыпҟара, аҭаацәараҿы анапышьҭхра, аиҳараӡакгьы изыхшаз рани раби ишакәым рызныҟәара. Аҭаацәа ракәым, ишакәым изныҟәомызт аҭҟәагьы. Ирҭҟәаз раҳаҭыр ладырҟәомызт, дара зҭагылоу рыуадаҩрақәа ракәымзар уи инеиҳаны, мчыла идыргәаҟуамызт, иаҭаххаргьы, амлеи ахьҭеи иамкырц азы изларылшоз алагьы ацхыраара рырҭон. «Вообще они с пленными своими обращаются очень человеколюбиво. Были примеры, что партия на обратном следовании, застигнутая вьюгою и метелью, останавливалась по несколько времени на одном месте, многие отмораживали себе ноги, но одежду, выданную пленным, назад не брали» – ҳәа азгәеиҭоит, раԥхьатәи аԥсуа апрофессионалтә етнограф Соломон Ажәанба[11].
Арҭ еиқәаҳԥхьаӡаз зегьы аԥсуаа хьымӡӷык еиԥш иахәаԥшуан, избанзар дара злиааз, излааӡаз раԥсуара, рдунеихәаԥшра иацәтәымын, иаҵанакуамызт.
____________________________
[1]. Бигуаа В.Л. Аԥсуаа ртрадициатә дини рыбзазаратә культуреи рызҵаарақәа. Аҟәа, 2012. Ад. 10.
[2] Аргун Ю.Г. Работорговля и военное отходничество у абхазов. Аҟәа – Сухум, 2011. Ад. 243.
[3] Инал-ипа Ш.Д. Вопросы этнокультурной истории абхазов. Том III. Сухум, 2011. Ад. 332.
[4] Иара уа. Ад. 328.
[5] Аргун Ю.Г. Иарбоу аусумҭа. Ад. 238.
[6] Краевич. Несколько слов о применении народных обычаев к судопроизводству в Абхазии. СсоКГ. – Тифлис, 1871. IV. Ад. 32.
[7] Инл-ипа (Хотелашвили) М.К. На конях в море // Газ. «Амцахара», №3, 2000 г.
[8] Гожба Р. В настоящем мужчине скрыто дитя // Журн. «Абаза» №1, 2015. Ад. 47. 2
[9] Бигуаа В.Л. Иарбоу аусумҭа. Ад. 10.
[10] Лакырба М. Тот, кто убил лань. Новеллы. Сухуми. 1982. Ад. 7. 2 Званба С.Т.
[11] Этнографические этюды. Под редакцией Г.А. Дзидзария. Сухуми. 1955. Ад. 52.







